АИХ адыррақәа рыла,  Киевтәи атәылаҿацә аҿы аарҧшуп  1200ҩык иреиҳаны аҭынчуаа рыҧсыбаҩқәа
АИХ адыррақәа рыла,  Киевтәи атәылаҿацә аҿы аарҧшуп  1200ҩык иреиҳаны аҭынчуаа рыҧсыбаҩқәа

Киевтәи атәылаҿацә аҿы аадырҧшхьеит урыстәылауаа иршьыз 1200ҩык иреиҳаны аҭынчуаа рыҧсыбаҩқәа. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Киевтәи атәылаҿацә аполициа аиҳабы Андреи Небитов идыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара иажәақәа рыла, акриминалтә полициа иҭахаз рыхьӡқәа аилкаареи рыҧсра зыхҟьаз амзызқәа рышьақәыргылареи иаҿуп.