Аиҳабыра рықәҵарала, Гәыриа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳараан аԥхасҭа зауз арегион азалхуп 2 569 048 лари
Аиҳабыра рықәҵарала, Гәыриа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳараан аԥхасҭа зауз арегион азалхуп 2 569 048 лари

Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵарала, Гәыриа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳараан аԥхасҭа зауз арегион азалхуп 2 569 048 лари.

Аԥара Гәыриа ах-муниципалитетк роуеит.

Аиҳабыра радминистрациа аинформациа ала, ақәҵара инақәыршәаны, аԥсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раԥыхразы Озургеҭтәи амуниципалитет азалхуп 1 228 062 лари, Чохаҭауртәи амуниципалитет – 794 968 лари, Ланчхәыҭтәи амуниципалитет – 546 018 лари.

Ақәҵара инапы аҵаиҩит аԥыза-министр.