Аиҳабыра рыӡбарала, Аҩбатәи адунеитә еибашьра алахәылацәа 2000 лари роуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәа - 1000 лари роуеит
Аиҳабыра рыӡбарала, афашизм аҵархара инаркны 80 шықәса аҵра инамаданы, Аҩбатәи адунеитә еибашьра алахәылацәа, зныктәи аҧаратә асоциалтә цхыраара аҳасабала, 2000 лари роуеит, Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа – 1000 лари роуеит.
Аиҳабыра радминистрациа аинформациа ала, аветеранцәа зныктәи аҧаратә асоциалтә цхыраара роуеит Аветеранцәа русқәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура еиқәнаршәаз асиа ашьаҭала.
Аиҳабыра рыӡбарала, Қырҭтәыла зехьынџьара, Қырҭтәыла ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрра Асоциалтә маҵзура агентра аҟынтәи, Қарҭ ашәҟәы иҭагалоу Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәеи Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәеи аҧаратә цхыраара роуеит Қарҭ ахадара аҟынтәи.
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩхьеит.