Аиҳабыра радминистрациа ахыбреи Қырҭтәыла зехьынџьареи аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп
Аиҳабыра радминистрациа ахыбреи Қырҭтәыла зехьынџьареи аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, нанҳәа 3 рзы Они амуниципалитетаҿ, акурорт Шови аҿы иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра раҳаҭыр аҟынтә, нанҳәа  7 алахьеиқәшаратә мшуп. 

Алахьеиқәҵаратә амш инамаданы, аиҳабыра радминистрациа ахыбреи Қырҭтәыла зехьынџьареи аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп. 

Иара убас,  нанҳәа 8 асааҭ 00:00 инаркны нанҳәа 9 асааҭ  00:00-нӡа аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭызаауеит Қырҭтәыла арегионқәа Аҧсны Аахыҵ Уаҧстәылеи закәандарала рымпыҵахалара амзызла Урыстәылатәи афедерациала Қырҭтәыла имҩаҧгаз зымҽхак дууз арратә интервенциа амшала иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла ргәаларшәаразы.