Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы иҭыԥ Мамука Мдинараӡе ааникылоит. Ари атәы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе имҩаԥгаз абрифинг аҿы ааицҳаит.
“Қырҭтәыла апарламент Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы иҭыԥ азы Мамука Мдинараӡе икандидатура адаҳгалоит”, – иҳәеит Кобахиӡе. Аҳәнҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Анри Оханашвили инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Оханашвили Амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақә рзы аԥыза-министр ибжьагаҩ иҭыԥ ааникылоит.