Аҳәынҭқарратә шәарҭдара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Карелтәи амуниципалитет Чвриниси ақыҭа иазааигәаны ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылар рҭахын
Аҳәынҭқарратә шәарҭдара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Карелтәи амуниципалитет Чвриниси ақыҭа иазааигәаны ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылар рҭахын

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Карелтәи амуниципалитет Чвриниси ақыҭа иазааигәаны ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылар рҭахын, аха, ақырҭуаа ампыҵахалаҩцәа рыҽрырымҭеит.

«Аҭыҧашҟа аполициа аусзуҩцәа ианнеи, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа ирласӡаны ари араион иалҵит.

Уажәазы Қырҭтәыла атәылауаа ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп, дара рҿахәы рымырхырц азыҳәан Шида Қарҭли аполициатә аҟәшахьы инаргеит.

Акрызҵазкәа аинцидент шыҟалаз анеилаҳкааҵәҟьа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ацәаҳәа ҷыда аус адыруит.  Евроеидгыла анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәеи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиа аицхантәаҩцәеи адырра рыҭан.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи ампыҵахаларатә цәаҳәеи рҿы  имҩаҧысуа адеструктивтә хҭысқәа зегьы рзы аҭак рыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа“, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара  амаҵзура аҟынтә.