Аҳәынҭқарратә шәарҭдара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Двани изакәанымкәа иааныркылаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭдара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Двани изакәанымкәа иааныркылаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа мшаԥы 30 рзы, Қарелтәи амуниципалитет иаҵанакәа Двани изакәанымкәа иааныркылаз ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа Чито Ахалкации Гоча Мамагулашвилии рхы иақәиҭуп, урҭ Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгыьл аҿы иҟоуп, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭдара амаҵзура аҟынтә.

„Ахалкации Мамагулашвилии зыԥшра ҟамҵакәа роужьҭразы, “ацәаҳәа ҷыда” ала амеханизмқәа зегьы рхы иаҳхархәеит. Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы изакәанымкәа Қырҭтәыла атәылауаҩ иаанкыларазы аҭак зыԥхықәу ампыҵахаларатә мчқәа роуп”, – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа аҿы.