Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи атерроризм аҿагылара иаҿу егьырҭ аструктурақәеи, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы "Исламтәи аҳәынҭқарра" аусзура аадырԥшит, даанкылоуп атәымтәылауаҩык
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи атерроризм аҿагылара иаҿу егьырҭ акомпетенциа змоу аструктурақәеи, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы “Исламтәи аҳәынҭқарра” аусзура аадырԥшит. Даанкылоуп атәымтәылауаҩык, – аацицҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аконтртеррористтә центр анапхгаҩы Бачо Мгелаӡе абрифинг ҷыда аҿы.
Мгелаӡе иажәақәа рыла, акомплекстә аконтртеррористтә уснагӡатәқәа раан иԥшаан аҳәаанырцә аҭыԥ змаз атеррористтә усзура шьақәзырӷәӷәо аматериалқәеи ашаҳаҭгақәеи.
Жәларбжьаратәи атерроризм ашәарҭа аҟынтә, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусԥшаараан иаарԥшыз адыррақәа, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи апартниорцәеи агәыла-тәылақәеи, Ҭырқәтәыла уахь иналаҵаны, рзырышьҭит.
Мгелаӡе ишааицҳаз, аусԥшаара аинтересқәа ирзыԥхьагәаҭаны, адетальқәа дрыхцәажәом.