ЕАШ аҳәынҭдепартамент иаланарҵәаз Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп
ЕАШ аҳәынҭдепартамент иаланарҵәаз Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп

ЕАШ аҳәынҭдепартамент Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырба аланарҵәеит, аҳасабырбаҿ атерроризм аҿагылара ахырхарҭала атәыла цыԥхьаӡа ахәшьара аҭоуп .

Аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла ЕАШ иӷәӷәоу партниорс иазгәаҭоуп. Адокумент аҿы ишану ала, Қырҭтәыла амч роуит 2022-2026 шықәсатәи амилаҭтә антитеррористтә стратегиеи ауснагӡатә плани, атерактқәа ирызку имцу адыррақәа раларҵәаразы ақәҿыҭра џьбарахеит.

Иара убас, адокумент аҿы ишану ала, Қырҭтәыла аҳәаақәеи амшынтә шәарҭадареи реиӷьтәразы жәларбжьаратә зыҟаҵарақәеи ЕАШ имҩаԥнагоз атренингқәеи ирылахәын.

Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла атеррористтә инцидентқәа раарԥшреи, раанкылареи, рықәҿыҭреи алшоит, аҳасабырбаҿ иконкрету афактқәагьы аагоупю

„Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атероризм иадҳәалоу аинцидентқәеи аусԥшаарақәеи рхырхарҭаа егьырҭ аусҳәарҭақәа рҟны аусеицуразы азин наӡа амоуп, урҭ иреиуп Аиустициа аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Атәылахьчара аминистрра, апокуратура, жәларбжьаратә партниорцәа. Қырҭтәыла аҳәаатә полициеи аҟәарахьчареи зкомпетенциа ҳараку, ибзианы еиҿкаау усҳәаҭақәоуп”, -иануп  ЕАШ аҳәынҭдепартамент Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырба аҿы.