Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура – Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз хҩык Қырҭтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура – Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз хҩык Қырҭтәыла атәылауаа рхы иақәиҭуп

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа ахаҭарнакцәа  импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ, Земо Арцевии Отревии ақыҭақәа рааигәара закәандарала иааныркылаз хҩык Қырҭтәыла атәылауаа – Ҭамаз Ецадашвилии, Оҭар Терашвилии, Валери Гиунашвилии рхы иақәиҭуп, уажәы урҭ ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.

Амаҵзура адҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ҭамаз Ецадашвилии, Оҭар Терашвилии, Валери Гиунашвилии  рхақәиҭтәра апроцессан активла рхы иадырхәон „ацәаҳәа ҷыда“ амеханизм.  „Қырҭәтәыла ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа, закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәра азҵаара иқәдыргеит Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиеи (GID) Аинцидентқәа рпреценциеи рықәҿыҭреи амеханизм (IPRM) аиҧылареи рҿы”, – иануп аинформациаҿы.