Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Бершуеҭи ақыҭа иаҵанакуа импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҟынтә ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа изакәанымкәа Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит
Гори амуниципалитет иаҵанкәа Бершуеҭи ақыҭа ааигәара импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҟынтә ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа изакәанымкәа Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит , – ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, изакәаным аанкылара афакт иадҳәаланы аусура алагеит ацәаҳәа ҷыда, адырра рыҭоуп Евроеидгыла анаԥшратә миссиа хаҭарнакцәеи, Женеватёи жәларбжьаратәи адискуссиа аицхантәаҩцәеи, жәларбжьаратәи апартниорцәеи.