Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнакцәа Баҭым ЕАШ атәылауаҩ дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнакцәеи Апрокуратура хадеи, ЕАШ иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рҟны аусеицура шьаҭас аҭаны, Баҭым имҩаԥыргаз аоперациа ҷыдаан ЕАШ атәылауаҩ дааныркылеит, – аарцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.
Асуҳәарҭа аинформациа ала, иаанкылоу ахаҿы ЕАШ, Аидаҳо аштат аҿы зықәра наӡам ахаҿы иганахьала иҟаиҵаз ацәгьоуразы даанкылан.
“Иаанкылоу ахаҿы ЕАШ иекстрадициазы иашьашәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит”, -иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭа аҿы.