Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩцәа "Исламтәи аҳәынҭқарра" алахәыла Цискара Тохосашвили дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩцәа "Исламтәи аҳәынҭқарра" алахәыла Цискара Тохосашвили дааныркылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аконтрԥшыхәратә центр аусуҩцәа, аконтрԥшыхәратә усзураан ироуз адыррақәа рышьаҭала, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Қырҭтәыла атәылауаҩы, “Исламтәи аҳәынҭқарра” алахәыла Цискара Тохосашвили дааныркылеит. Ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала, Тохосашвили аҵыхәтәаны 2015 шықәсазы дыҟан, уи Ааигәа Мрагыларахь ддәықәлан, атерористтә аиҿкаара “Исламтәи аҳәынҭқарра” далалеит.

“Тохосашвили – даҽакала “Аемир Иса” “Исламтәи аҳәынҭқарраҿ” анырра ду змоу алахәылацәа дреиуан. уи Шьамтәылеи Ираки рҵакырадгьылқәа рҿы атерористтә уснагӡатәқәеи ақәԥарақәеи дрылахәын. Иара убас уи аимактә зонаҿ атерористтә аиҿкаара гәыԥк дахагылан. 2019 шықәсазы даанкылан Цискара Тохосашвили иашьеиҵбы Цезар Тохосашвили – “Исламтәи аҳәынҭқарра” аемир Аль-Бара Шишан. Уи Қырҭтәыла абахҭа дҭакуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аконтрԥшыхәратә центр аусуҩцәа, аконтрԥшыхәратә усзураан Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 328-тәи ахәҭаҷ ашьаҭала даанкылоуп. Уи жәашықәса инаркны жәибжь шықәсанӡа аҭакра иқәырҵар ҟалап”, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура  аҟынтә.