Аҳәынҭқарратә ҧышәарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны сынтәа истудентцәахеит  16ҩык абаандаҩцәа
Аҳәынҭқарратә ҧышәарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны сынтәа истудентцәахеит  16ҩык абаандаҩцәа

Аҳәынҭқарратә ҧышәарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны сынтәа истудентцәахеит  16ҩык абаандаҩцәа.  Ари атәы аарыцҳаит Апенитенциартә маҵзура ҷыда аҟынтәи.

Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, Апенитенциартә маҵзура ҷыдаз ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп абаандаҩцәа аҵара алшара рзеиқәыршәара.

«Убри азоуп ҵыҧх апенитенциартә системаҿы  «Арыцхәтә университет» зеиҿкааз. Аплатформа ҿыц абзоурала, абаандаҩцәа, анахарала иреиҳаӡоу академиатә аҵара аиуреи, онлаин алекциақәа рзыӡырҩреи, арҵаҩцәа рҟны аимадареи рылшоит.

Аҵара заур зҭаху абаандаҩцәа иаҳа-иаҳа ирацәахоит. Аҽазыҟаҵаратә етапи аҧышәарақәа рыҭиреи азыҳәан иаҭаху аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп», — ирҳәеит Апенитенциартә маҵзура ҷыдаҿ.