Аҳәынҭқарратә грантқәа рхылаҧшра агентра напхгаҩыс дҟаҵоуп Ҭамар Зоделава
Аҳәынҭқарратә грантқәа рхылаҧшра агентра напхгаҩыс дҟаҵоуп Ҭамар Зоделава

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе идҵала, Аҳәынҭқарратә грантқәа рхылаҧшра агентра напхгаҩыс дҟаҵоуп Ҭамар Зоделава.

Аҧыза-министр идҵа кьыҧхьуп Қырҭтәыла аиҳабыра рсаит аҿы.

Қырҭтәыла аиҳабыра ринформациа ишану ала, Ҭамар Зоделава иуадаҩӡоу апроектқәа анапхгара рыҭара акыршықәсатәи аҧышәа лымоуп.  2003 шықәса инаркны, лара, Германтәылаҟны жәларбжьаратәи аусеицура агәыҧаҿ еиуеиҧшым аҭыҧқәа аанылкылон, еиуеиҧшым апроектқәа аус рыдылулон, иара убас, Европа Ахеилак апроектаҿ консультанс дыҟан, аҳәынҭқарратә напхгараҭара иазкыз Мраҭашәаратә партниорра апроект данапхгаҩын.

Ҭамар Зоделава  Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аиуристтә факультет далгеит, амагистр иҩаӡара ланашьоуп. Брементәи ауниверситетаҿ жәларбжьаратәи аекономикатә зин ҭылҵаауан.