Аҳауагәаҭҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 20 хәылбыҽхан инаркны ҧхынгәы 22 шьыжьынӡа Қырҭтәыла шоурахоит, аха, ақәоуреи, адыдри, акырцхи, аҧша ҕәҕәеи иазыҧшуп
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, ҧхынгәы 20 хәылбыҽхан инаркны ҧхынгәы 22 шьыжьынӡа Қырҭтәыла шоурахоит, аха, ақәоуреи, адыдри, акырцхи, аҧша ҕәҕәеи иазыҧшуп.
«Ақәоура амшала Мрагыларатә Қырҭтәыла аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит. Ашьхаҳаракыратә зонақәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа ралагара ашәарҭара иҟоуп», — иануп агентра аинформациаҿы.