Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра  4-нӡа Қырҭтәыла амш бзиахоит
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра  4-нӡа Қырҭтәыла амш бзиахоит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра жәабран 29 инаркны хәажәкыра  1-3 аҟынӡа Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо иазкны аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра  4-нӡа Қырҭтәыла амш бзиахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәылаҿ алышәшәақәа леиуам. Қарҭ  +9, +11 градус ҧхаррахоит. Амшын аҟәара иаҧну ақалақьқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +20, +22 градус аҟынӡа.

Мраҭашәаратә Қырҭтәылаҿ +19, +21 градус ҧхаррахоит.