Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, уаҵәы инаркны ҧхынҷкәын 3-нӡа Қырҭтәыла зехьынџьара ҧхаррахоит  
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, уаҵәы инаркны ҧхынҷкәын 3-нӡа Қырҭтәыла зехьынџьара ҧхаррахоит  

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра абҵара  29 инаркны ҧхынҷкәын 3-нӡа атәылаҿ амш зеиҧшрахо иазкны аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, уаҵәы инаркны ҧхынҷкәын 3-нӡа Қырҭтәыла зехьынџьара ҧхаррахоит.

«Ҧхынҷкәын 1-3 рзы аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +23 градус аҟынӡа, алышәшәақәа леиуам.

Ҧхынҷкәын 1-3 рзы Қарҭ  аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +17, +19 градус аҟынӡа.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) абҵара 30 рзы ақәа леиуеит, ҧхынҷкәын  1-3 алышәшәақәа леиуам,  +21, +23 градус ҧхаррахоит», — иануп аинформациаҿы.