Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 5-7 рзы Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 5-7 рзы Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра мшаԥы 5-7 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Қарҭ аамҭа-аамҭала аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит.  Аҳауа аԥхарра ҽынла  +20, +22  градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +20, +22 иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) џьара-џьара аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +21, +23 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит.  Аҳауа аԥхарра ҽынла  +8, +13 градус иаҟарахоит.