Аҳауа атемпература шдухогьы, ҧхынгәы  22-24 рзы Қырҭтәыла араионқәак рҿы аамҭакьаҿла  ақәа леир ҟалап
Аҳауа атемпература шдухогьы, ҧхынгәы  22-24 рзы Қырҭтәыла араионқәак рҿы аамҭакьаҿла  ақәа леир ҟалап

 

Қырҭтәыла Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ҧхынгәы  22–24 рзы атәылаҿ амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, иааиуа амшқәа рзы  аҳауа атемпература шдухогьы, Қырҭтәыла араионқәак рҿы аамҭакьаҿла  ақәа леир ҟалап, акырцхи аҧша ҕәҕәеи иазыҧшуп.

Қарҭ ҵхыбжьон ақәа леиуеит. Шьыбжьон  +33…+35°C шоурахоит.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Пуҭ): ҭыҧқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәа леиуеит, аҧша асуеит. Шьыбжьон  +29…+31°C.  ҟалоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхатә раионқәа рҿы ақәа леиуеит, аҧша асуеит. Шьыбжьон аҳауа атемпература +27…+32°C. аҟынӡа ишьҭыҵуеит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиҕнаги, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоҧлисҵҟаро): ҭыҧқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәа леиуеит, имацәысуеит. Шьыбжьон аҳауа атемпература  +36…+38°C. аҟынӡа ишьҭыҵуеит.