Агидрометеорологиа адепартамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ -  Шови зымҽхак дууз аҧсабаратә рыцҳара ҟалеит, абри аҩыза ахҭысқәа Қырҭтәыла мацараҿ акәымкәа, адунеи зехьынџьара иҟалалоит, - арҭ апроцессқәа  аглобалтә ҧхаррахара иахылҵуеит

Агидрометеорологиа адепартамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  Иракли Мегрелиӡе иҳәамҭала,  абри аҩыза ахҭысқәа Қырҭтәыла мацараҿ акәымкәа, адунеи зехьынџьара иҟалалоит.

«Ҳара аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ ҳаҟан, зымҽхак дууз аҧсабаратә рыцҳара ҟалеит. Арҭ апроцессқәа заанаҵы ахәшьара рыҭара ҟалоит, аха,  ианыҟалоҵәҟьа  узеилкаауам. Уи аӡәгьы изыҳәом.  Қырҭтәыла абри аҩыза аҧсабаратә рыцҳара ду ҟамлацызт, уи Девдорак иҟалаз арыцҳара аасҭа еиҳауп.  Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аҧшааратә усурақәа мҩаҧысуеит.

Уажәазы аҩхааҿ абри аҩыза апроцессқәа реиҭаҟалара ашәарҭара иҟам. Аха, уи иаанагом  абри аҩыза аҧсабаратә рыцҳара уаҳа иҟалом ҳәа, избанзар, Қырҭтәыла анаҟәоуқәа рацәоуп. Абри аҩыза апроцессқәа еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы иалагар ауеит, Раҷагьы, Шәантәылагьы, Ҟазбегигьы, избанзар, ишысҳәаз еиҧш, абри зегьы аклимат аҽаҧсахреи аглобалтә аҧхаррахареи ахылҵуеит», — иҳәеит  Иракли Мегрелиӡе.