Агаз атарифқәа рызҳара данахцәажәоз, Џьо Баиден Украина иҟоу аибашьра иадҳәаланы ажәа "агеноцид" ихы иаирхәит
Агаз атарифқәа рызҳара данахцәажәоз, Џьо Баиден Украина иҟоу аибашьра иадҳәаланы ажәа "агеноцид" ихы иаирхәит

Агаз атарифқәа рызҳара данахцәажәоз, ЕАШ ахада Џьо Баиден Украина иҟоу аибашьра иадҳәаланы ажәа “агеноцид” ихы иаирхәит. Ари атәы аанацҳаит CNN.

„Шәҭаацәарақәа рбиуџьет, абылтәы аахәара алшара адиктатор аибашьра алагара, адунеи абжа аганахьала агеноцид амҩаԥгара  иҽазкраиадҳәаламзароуп“, – иҳәеит ЕАШ ахада иқәгылараан.

Џьо Баиден иажәақәа рыла, Путин анефт ахә ирцәгьеит, убри аҟынтә анефт астратегиатә резервқәа рҟынтә мышкала миллион баррель анефт ахархәара иадҳәаланы аӡбара идикылеит.