Агәабзиарахьчара министрс дҟаҵоуп Зураб Азарашвили
Агәабзиарахьчара министрс дҟаҵоуп Зураб Азарашвили

Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи,
aсоциaлтә хьчaреи рминистрс дҟаҵоуп Зураб Азарашвили. Азарашвили ауааԥсыра ирыдигалеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Зураб Азарашвили уаанӡа Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс аус иуан. Сынтәа, жәабран 2-нҿа Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра иаҵанакуа Арратә амедицина-техникатә центр “Дельта” адиректор хадас аус иуан, иара убас “Ҭбилавиамшени” адиректор хадас дыҟан.

Ԥасатәи аминистр Екатерине Тикараӡе лнапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны аҳәамҭа ԥхынҷкәын 9 рзы ҟалҵеит.