Агәабзиарахьчара аминистрра - Қырҭтәыла аҭырқәа ахәшәқәа рыхә цәгьахом
Лари акурс арӷәӷәахара фон аҿы, Ҭырқәтәыла зыхә шьҭыҵыз ахәшәқәа Қырҭтәыла амедикаментқәа рыхә аԥсахра рылшом, ақырҭуа еилахәырақәа, аҭырқәа фармацевтикатә џьамрыкьаҿ ахәшәқәа раахәареи аимпорти ахә мариала ирылшахоит, – иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
“Аҭырқәа фармацевтикатә џьармыкьа Қырҭтәылазы аартын 2022 шықәсазы. Ари иабзоураны ахәшәқәа рыхә 70-80% мариахеит.
Аҭырқәа фармацевтикатә џбармыкьа аартра иабзоураны, Қырҭтәыла атәылауаа есышқәса 200 миллион лари рҟынӡа аекономиа рымоуп”, – аарыцҳаит аусҳәарҭа аҟынтә.