COVID-19 аларҵәашьас иамои, уи аҽацәыхьчара излаҟалои?

COVID-19 –  акоронавирус ахкҿыц иахылҵыз аинфекциатә чымазароуп.

Ари ачымазара аинфекциа змоу ауаҩы данцәажәо, дане’имсо, ма данеимҳәо ихылҵуа аҳауала иасуеит.

Акәармақәа ааигәа игылоу ауаҩы иҿы ма иҧынҵа иҭашәар ауеит.

Аҳауаҿы акәармақәа хара изеиҭаҵуам  –  инақәырҧшны,  1 метрак ианахыслак, ирласӡаны еиуеиҧшым амаҭәарқәа рахь рҽыларышьҭуеит.

Убри азоуп ари ачымазара ауаҩы иҟынтәи ауаҩы иахь, бжеиҳарала,  аимадара ааигәа аан изиасуа.

Ақәыҧшылараҿы авирус шаҟаамҭа аҧсы ҭоу макьана идырым.

Убри аҟынтә, амаҭәарқәа зегьы лассы-лассы адезинфекциатә хархәагақәа рыла ирыцқьатәуп, ҷыдала  COVID-19 ала ичмазаҩу ауаҩы икәша-мыкәша иҟоу амаҭәарқәа.

Ҳара лассы-лассы авирус ала иҟьашьу амаҭәарқәа ҳрылакьысуеит.

Убри аҟынтә, авирус ҳцәеижь аҩнуҵҟа иҭамларцаз, ҳаблақәеи, ҳпынҵеи, ҳҿи ҳрыламкьысроуп.

Шәанеимҳәо ма шәанеимсо шәмышьхәылҵ,  ма  зныктәи аҿыхьшьы шәҿы иаҧырашәк.

Шәхы иашәырхәаз аҿыхьшьы иаразнакҵәҟьа ахҩа змоу аҟьамсарҭаҧсарҭа иҭашәыжь.

Акоронавирус ахкҿыц аҽацәыхьчаразы зегьы иреиҕьуп аспирт злоу аӡшьар ала ма аӡылеи сапынлеи лассы-лассы анапқәа рыӡәӡәара.

Убри ала, авирус шәнапы  иақәшәаргьы,  ачымазара аҟынтә шәхы шәыхьчар шәылшоит.