Агәҭанытә Техас аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 100-ҩык рҟнынӡа инаӡеит, аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ аԥшаара-аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит
Агәҭанытә Техас аӡхыҵра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 100-ҩык рҟнынӡа инаӡеит, хабарда ибжьаӡыз ауаагьы рацәоуп.
Аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ аԥшаара-аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит.
Аԥсыҭбарақәа иреиуп аӡиас Гвадалупе аҟәараҿы иҟаз ақьырсиантә аԥхынтә лагер иҟаз 27-ҩык аӡӷабцәеи аперсонали. 10-ҩык аӡӷабцәа хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Кери аокруг аҿы иҭахеит 84-ҩык.