Афырхацәа рышҭаҿ Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гено Адамиа ибиуст дыргылеит
Афырхацәа рышҭаҿ Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гено Адамиа ибиуст дыргылеит.
Ауснагӡатә ихы алаирхәит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Калаӡе Қырҭтәыла атерритриатә акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал ашәҭқәа ақәиҵеит.
„Ҳахшара, ҳабиԥара ҿыц афырхацәа изусҭцәада ирдыруазароуп. Гено Адамиа ахаҵа-ӷьеҩ, аинрал-маиор иакәын, уи Аҟәа акаҳара ашьҭахь 23-тәи абригада аибашьцәа дрыцны ақәԥара наигӡон. Уи ақәԥараан дҭахеит. Афырхацәа рыхьӡ даҽазнык пату ақәыҵоит. Ҳахшара атәыла абзиабара зеиԥшроу ибзиаӡаны ирҳарбароуп”, – иҳәеит Каха Калаӡе.
Гено Адамиа 1993 шықәса цәыббра 27 рзы Аҟәа акаҳара ашьҭахь аҽаҭара мап ацәикын, ақәԥара наигӡеит. Уи цәыббра 28 рзы Кьелашәыртәи ацҳа ааигәара дҭахеит.