Афинанстә министрра аусԥшааратә маҵзура еиҳабыс Иракли Бераиа дҟалоит
Афинанстә министрра аусԥшааратә маҵзура еиҳабыс Иракли Бераиа дҟалоит

Аԥыза-министр 2025 шықәса мшаԥы 2 рзы инапы аҵаиҩыз аусԥҟа инақәыршәаны, Афинанстә министрра аусԥшааратә маҵзура еиҳабыс Иракли Бераиа дҟалоит. Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили Бераиа аусуҩцәа дрыдигалеит.

Уаанӡа Лаша Бераиа Аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

“Иракли Бераиа 1976 шықәса ԥхынгәы 23 рзы диит. 1998 шықәсахы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә eниверситет аекономикатә факультет далгеит.  2016-2025 шш. рзы Қырҭтәыла апарламент адепутатс далхын”, -иануп Афинансқәа рминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.

Афинанстә министрра аусԥшааратә маҵзура ԥасатәи аиҳабы Сосо Рамишвили иацы инапынҵақәа шьҭеиҵеит.