Аӡиудо | Тато Григалашвили  иҩынтәны адунеи ачемпионс дҟалеит
Аӡиудо | Тато Григалашвили  иҩынтәны адунеи ачемпионс дҟалеит

Ақырҭуа спортсмен  Тато Григалашвили (73 кьыла) Доха имҩаҧысуаз адунеи ачемпионатаҿ ахьтәы медаль игеит. Афиналаҿ иара абельгиец  Маттиас  Кассе даҵаирхан инеишьҭаргыланы аҩынтәраан адунеи ачемпионс дҟалеит.

Тато ҵыҧхтәи адунеи ачемпионат афиналаҿгьы абельгиец даҵаирхеит.  2021 шықәсазы Будапешт имҩаҧысуаз адунеи ачемпионатаҿ абарҭ ҩыџьа аспортсменцәа реицлабраҿы Кассе аиааира игеит.