Аӡиудо  | Тато Григалашвили — Европа авице-чемпионуп  #1TVSPORT
Аӡиудо  | Тато Григалашвили — Европа авице-чемпионуп  #1TVSPORT

Подгорица имҩаҧысуа аӡиудо азы Европа ачемпинатаҿ  Тато Григалашвили (81 кг) араӡнытә медаль игеит  — афиналаҿ ақырҭуа ақәҧаҩ  анеитралтә абираҟ аҵаҟа иқәҧоз урыстәылатәи аспортсмен  Тимур Арбузов диҧылон, аха даҵахеит.

Иахьа атурнираҿ иқәгылоз хҩык аӡиудоистцәа  – Лука Маисураӡеи, Гьаргь Џьабниашвилии,  Мариам Ҷантуриеи амедальқәа рзымгеит.

Европа ачемпионат хымш ирылагӡаны, Қырҭтәыла аизга 3 медальк аиуит  – Европа ачемпионс дҟалеит 21 шықәса зхыҵуа Гьаргь  Сардалашвили, Еҭер  Липартелиании Тато Григалашвилии араӡнытә медальқәа ргеит.