Аӡиас Иордан Иаса Қьырса иӡаахра аҭыԥ ааигәара, Қырҭтәыла адгьыл азалхуп, уа ақырҭуа культура ацентр дыргылоит
Аӡиас Иордан Иаса Қьырса иӡаахра аҭыԥ ааигәара, Қырҭтәыла адгьыл азалхуп, уа ақырҭуа культура ацентр дыргылоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы.
Иракли Ӷарибашвили ауааԥсыра Аӡаахра аныҳәа рыдиныҳәалеит.
“Қырҭтәыла апатриарх, Асинод алахәылацәа, ауааԥсыра Аӡаахра аныҳәа ду шәыдысныҳәалоит. Ауааԥсыра ажәабжь бзиа расҳәар сҭахуп. Аҭоурытә хҭыс ҟалеит. Иорданиа аҳ, Абдулла аҩбатәии апринц Ӷази рыӡбарала, аӡиас Иордан Иаса Қьырса иӡаахра аҭыԥ ааигәара, Қырҭтәыла адгьыл азалхуп, уа ақырҭуа культура ацентр дыргылоит.
300 шықәса рышьҭазь Қырҭтәыла иԥшьоу адгьыл ахь ихынҳәуеит. Ақырҭуа цыԥхьаӡа изы ари ажәабжь гәырӷьаху ауп. Ари ҳпатриарх иавторитет ду иабзоуроуп.” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.