Адукат иҳәамҭала, Саакашвили арадикалтә апротесттә форма ихы иаирхәар ауеит
Адукат иҳәамҭала, Саакашвили арадикалтә апротесттә форма ихы иаирхәар ауеит

Қырҭтәыла ахҧатәи ахада идукатцәа русҭавтәи абахҭашҟа анеины,  Михаил Саакашвили дырбеит.  Адукатцәа руаӡәы абахҭа данҭыҵ ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа еицәахеит.

Шоҭа Ҭуҭбериӡе иҳәамҭала, дара Саакашвили иахь гәыҧҩык аекспертцәа рынашьҭра иаҳәоит.

Иара убас, Ҭуҭбериӡе ишазгәеиҭаз ала, адукатцәа имыраргамакәа Саакашвили иацәажәара азин рырҭом.

«Ҳара имыраргамакәа Саакашвили ҳазиацәажәом, уи еиҧш алшара ҳарҭом. Иара данцо аишәаҿ ак аанижьыр илшоит. Аха, уи ала ҳгәаанагарақәа реиҭныҧсахлара ҳалшом, уигьы абаандаҩи адукатцәеи рзинқәа реилагароуп. Насгьы, игәабзиара аҭагылазаашьа еицәахеит.  Иаамҭаны ацхыраара иауам, дыҧсыргьы ауеит. Ажьырныҳәа  6-нӡа абарҭ апроблемақәа рымӡбар,  азакәан атәамбареи Саакашвили изинқәа реилагареи   иаҟәымҵыр, Михаил Саакашвили арадикалтә протесттә форма ихы иаирхәар ҟалап», — иҳәеит Шоҭа Ҭуҭбериӡе.