Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд азы аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд азы аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган

Рашәара 2 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Евроеидгылеи, ЕАР-и, OSCE-и аицхантәаҩцәа рҽалархәрала,  Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд азы аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган.

Ақырҭуа ган аҟынтә аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыԥуаҩ, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы Қырҭтәыла аделегациа анапхгаҩы Лаша Дарсалиа.

Аиԥылараҿ иаҵшьны иазгәаҭан рашәара 25-26 рзы имҩаԥысран иҟоу Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа иеффекту аусзура рҵакы.

Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа амш аусхәаԥштә иалоу азҵаарақәа – 2008  шықәса нанҳәа 12 рзы амца аанкылара иазкны аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала Урыстәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара ахымҧадареи  ахҵәацәа шәарҭада рыхынҳәреи иадҳәалоу азҵаарақәа. Иаҵшьны иазгәаҭан Гали Ергнеҭи, Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (IPRM) аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа рымҩаԥгара аҵакы.

Иара убас, ақырҭуа делегациа ақырҭуа делегациа хаҭарнакцәа иашьҭанеиуа азҵаарақәа ықәдыргылеит: урыстәылатәи ампыҵахалара амшала ашәарҭадареи агуманитартә ҭагылазаашьеи аганахьала иҟоу апроблемақәа ирызку азҵаарақәеи, Урыстәылеи уи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәеи  рдеструктивтә русзуреи,  Урыстәылатәи Афедерациа ала Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа  – Аԥсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааԥсыра рзы Урыстәыла атәылауаҩра рыҭара апроцедура армариара азҵаареи, Урыстәыла ала закәандарала Аҟәатәи аҳаирбаҕәаза ахархәареи импыҵахалоу Аҧсны арегионаҿ аҳаиртә аимадара аиҭашьақәыргылареи, аихамҩатә неиаара аиҭашьақәыргылареи.