Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд азы аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд азы аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган

Қарҭ, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд азы аҽазыҟаҵаратә аиԥылара мҩаԥган.

Аиԥылара рхы аладырхәит аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа Евроеидгыла аҟынтә, иара убас ЕАР-и Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа. Ақырҭуа ган аҟынтә аиԥылара иалахәун Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы Қырҭтәыла аделегациа анапхгаҩы Лаша Дарсалиа дызхагылаз агәыԥ.

Аиԥылараҿ иазгәаҭан Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҵакы, иҳәаақәҵан Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа амш аусхәаԥштә иалоу азҵаарақәа – 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭра ала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа рынагӡареи, мчыла ихгоу ауааԥсыреи ахҵәацәеи ишәарҭам рырхынҳәра ахырхарҭала ԥхьаҟа ацара ахымԥадареи.

Иазгәаҭан Гал Аинцидентқәа раԥыҟәҟәареи рызхьаԥшреи рзы амеханизм (IPRM) аиҭашьақәыргылареи, ари амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа рымҩаԥгареи рҵакы.

Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд 2024 шықәса абҵара 5-6 рзы имҩаԥгахоит.