Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ иҳәамҭазы аҭак ҟаиҵеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ амилаҭрацәа азыҟаҵарақәа ирыдҳәаланы Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ иҳәамҭазы аҭак ҟаиҵеит.
“Урыстәыла ахада ипрессмаӡаныҟәгаҩ Қырҭтәыла имҩаԥысуа арратә зыҟаҵарақәа Agile Spirit 2021 ирыдҳәаланы иҟаиҵаз аҳәамҭа иаҭакны иазгәаҳҭоит:
Қырҭтәыла, асуверенитет змоу аҳәынҭқарра, жәларбжьаратәи зин иашьашәаланы, ахатә территориаҿ арратә зыҟаҵарақәа, амилаҭрацәа зыҟаҵарақәа уахь иналаҵаны, рымҩаԥгара азин амоуп, егьынанагӡоит.
Қырҭтәыла атерриториаҿ имҩаԥысуа арратә зыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп алианс иалоу атәылақәеи, иара убас апартниор тәылақәеи рырратә хәҭақәа реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, амилаҭрацәа ҭагылазаашьаҿ аоперациақәа аус рыдулареи, аоперативтә рынагӡареа алшара азҳареи.
Қырҭтәылеи арегион зегьи ршәарҭадара ашәарҭа иҭагылоуп Урыстәыла имҩаԥнаго агрессивтә политикеи, раԥхьаӡа иргыланы, Қырҭтәыла арегионқәа – Аԥсни Цхинвлтәи арегиони рымпыҵахалареи, урҭ рмилитаризациеи, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аперманенттә арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи рыла.
Ақәмақаррақәа рцынхәрас, Урыстәыла 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахахьы иагаз ахыдҵақәа нанагӡар еиӷьхоит – Қырҭтәыла атерриториа арратә хәҭақәа алнагар. Ари ашәарҭадаратә ҭагылазашьа аиӷьхара арманшәалоит,” – иҳәеит Лаша Дарсалиа.