Авокзалтә ашҭа иаԥну аҵакырадгьыл аҿы аҩнеихагыладу аилаҳара иахҟьаны аӡәы дҭахеит, аӡәы ахәрақәа иоуит
Авокзалтә ашҭа иаԥну аҵакырадгьыл аҿы аҩнеихагыладу аилаҳара иахҟьаны аӡәы дҭахеит, аӡәы ахәрақәа иоуит, уи ахәшәтәырҭахь днагоуп, – ааицҳаит аҭыԥ аҿы иҟоу Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе. Гелаӡе дицуп Қарҭ ахада.
“Ахәрқәа зауз тәылауаҩык ахәшәтәырҭахь днагоуп, аӡәы – дҭахеит. Аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара иазҳар ҟалап. Имҩаԥысвуеит аусԥшааратә уснагӡатқәа”, – иҳәеит аминистр.
Қарҭ, Авокзалтә ашҭа иаԥну аҵакырадгьыл аҿы аҩнеихагыладу еилаҳаит, аҭыԥ аҿы аусԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥысуеит.