Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыхьаара  44 374-ҩык рҟнӡа инаӡеит
Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыхьаара 44 374-ҩык рҟнӡа инаӡеит

Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыхьаара 44 374-ҩык рҟнӡа инаӡеит. Ҭырқәтәыла акатастрофақәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рмаҵзура аинформациа ала, иӷәӷәаз ҩдгьылҵысрак рашьҭахь, атәылаҿ 10 000 рҟынҿа адгьылаҵантәи аахақәа ҟалеит.

Ҭырқәтәылатәи аихқәа ишаарыҳаз,  аиқәырхара-аԥшааратә усурақәа 21000 ахыбрақәа рҿы ихыркәшоуп. Жәларбжьаратәи аиқәырхара-аԥшааратә маҵзурақәа 1000-ҩык рҟынӡа ахаҭарнакцәа агуманитартә цхыраара нарыгӡоит. Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз азонахь есымша 10000 иреиҳаны ақьалақәа рышьҭуеит, идыргылахьет ақьалатә 287 қалақьқәа.