Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  40 640ҩык рҟынӡа,  Сириа иҭахеит  5 800ҩык инареиҳаны
Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  40 640ҩык рҟынӡа,  Сириа иҭахеит  5 800ҩык инареиҳаны

Адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  40 640ҩык рҟынӡа. Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ аус руеит  11 000ҩык инареиҳаны атәым аиқәырхаҩцәа  80 ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи.

Даҽа хҩык, ахәыҷы данрылаҵаны, еиқәырхан Хатаи апровинциаҿы, дара 300 сааҭ раҟара аҧҽыхақәа рыҵаҟа иҟан. Адгьылҵысра ахьыҟалаз ҭырқәтәылатәи араионқәа рҟынтә аевакуациа рызуп  430 000ҩык инареиҳаны.

Сириа ари адгьылҵысра иалаӡит  5800ҩык инареиҳаны. Афатәаалыҵ адунеизегьтәи программа ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, аҭыҧантәи администрациа атәыла аҩада-мраҭашәаратә регион ашҟа агуманитартә цхыраара нарышьҭуам. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, Ҭырқәтәылеи Сириеи агәманитартә цхыраара рҭахуп  26 миллионҩык.