Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Қырҭтәыла акоронавирус   10 253 афактқәа аарҧшуп,  7 508ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Қырҭтәыла акоронавирус   10 253 афактқәа аарҧшуп,  7 508ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

Ҧхынгәы 18 инаркны  24-нӡа Қырҭтәыла акоронавирус  10 253 афактқәа аарҧшын, 7 508ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит,  хәҩык иҧсит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарқәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Амилаҭтә центр адыррала,  афактқәа реиҳара — 5 904 Қарҭоуп иахьаарҧшу, Аҷара  — 1 317,  Имереҭи — 1 001.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Қырҭтәыла аарҧшын акоронавирус  7 812 фактқәа, 4764ҩык ачымазара иалҵит, быжьҩык иҧсит.