Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла,  Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иалаӡит  2300ҩык иреиҳаны
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла,  Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иалаӡит  2300ҩык иреиҳаны

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла,  Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иалаӡит  2300ҩык иреиҳаны. Урҭ рҟынтә  Ҭырқәтәыла иҭахеит 1498ҩык,   430ҩык – Сириа анапхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ,  380ҩык  — ақәгылаҩцәа рнапаҿы иҟоу аҵакырадгьылаҿ.

Ахәрақәа зауз ауаа  рхыҧхьаӡарагьы ацлара иаҿуп. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,  Ҭырқәтәыла ахәрақәа роуит  7600ҩык инареиҳаны, Башар Асад иеиҳабыра изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ  — 1300ҩык.