Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы акомитет аҿы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы ақырҭуа бызшәа ихымԥадатәиу аҵара иазку азакәанпроект ахәаԥшра алагеит
Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы акомитет аҿы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы ақырҭуа бызшәа ихымԥадатәиу аҵара иазку азакәанпроект ахәаԥшра алагеит

Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы акомитет аҿы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы ақырҭуа бызшәа ихымԥадатәиу аҵара иазку азакәанпроект ахәаԥшра алагеит.

Азакәанпроект инақәыршәаны, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы иҭало астудентцәа ақырҭуа бызшәа аҵара акурс ҷыда (ҩсеместрк ирылагӡаны) иахысроуп.

Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы акомитет ахантәаҩы Гиви Миқанаӡе иажәақәа рыла, ақырҭуа бызшәа ихымԥадатәиу аҵара 2025 шықәса цәыббразы иалагоит.

Миқанаӡе иажәақәа рыла, ақырҭуа бызшәа инаваргыланы, Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа ддырҵароуп.

“Сара сзы аԥсуа бызшәа акырзҵазкуа бызшәоуп, Аԥсны автономтә республикаҿ, ақырҭуа инаваргыланы, аԥсуа бызшәа ихымԥадатәиу аҵара априоритет змоу зҵаароуп”, – иҳәеит Гиви Миқанаӡе.