"Абырфынтә мҩа" афорум ихы алаирхәоит Европеи Ацентртә Азиеи аинфраструктура азҵаарақәа рзы Адунеи абанк арегионалатә директор
 "Абырфынтә мҩа" афорум ихы алаирхәоит Европеи Ацентртә Азиеи аинфраструктура азҵаарақәа рзы Адунеи абанк арегионалатә директор

Жьҭаара 26 рзы Қарҭ имҩаҧысуа  “Абырфынтә мҩа”  афорум адискуссиатә панельқәа руакы  ихы алаирхәоит Европеи Ацентртә Азиеи аинфраструктура азҵаарақәа рзы Адунеи абанк арегионалатә директор Чарльз Џь. Кормие.

«Meaningful Connectivity Enabler for Global Growth» адискуссиатә панель мҩаҧылгоит  Ниша Пиллаи, лара акыршықәса рыҩныҵҟа   BBC World News аҿы қәҿиарала аус луан, адырраҭара Asia Today мҩаҧылгон.

Чарльз Џь. Кормие  22 шықәса еиҳаны Адунеи банкаҿ аус иуеит.  Европеи Ацентртә Азиеи аинфраструктура азҵаарақәа рзы  арегионалатә директор иаҳасабала, иара 11 миллиард адоллар еиҳаны иаҧсоу апроектқәа анапхгара риҭоит. Зыӡбахәы ҳәоу апроектқәа аенергетикатә шәарҭадара арҕәҕәареи, атранспорти, алогистикеи, аҧхьаӡацтә маҵзурақәеи, аинфраструктуреи, адекарбонизациеи ирызкуп.

Жьҭаара 26-27 рзы Қарҭ имҩаҧысуеит афорум «Абырфынтә мҩа», уи рхы аладырхәоит  2000ҩык иреиҳаны адепутатцәа адунеи  60 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.

Жьҭаара 26 рзы, Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи, Черногориеи рҧыза-министрцәа аофициалла афорум аадыртуеит Зақариа Палиашвили ихьӡ зху аопереи абалеи атеатр аҿы, уи анеҩс, имҩаҧысуеит апанельтә дискуссиақәа – «Trade4Future»-и The Middle Corridor in the Spotlight-и.