Азиатәи аҿиара абанк авице-ахада Роберта Касали "Абырфынтә мҩа" афорум аартра лхы алалырхәоит
Азиатәи аҿиара абанк авице-ахада Роберта Касали "Абырфынтә мҩа" афорум аартра лхы алалырхәоит

Жьҭаара 26-27 рзы Қарҭ имҩаҧысуеит  «Абырфынтә мҩа» афорум, уи рхы аладырхәоит  2000ҩык аделегатцәа адунеи  60 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.

Аекономика аминистрра аинформациа инақәыршәаны,  афорум аартра ацеремониа мҩаҧысуеит  жьҭаара 26 рзы,  Зақариа Палиашвили ихьӡ зху Қарҭтәи Аопереи абалети атеатр аҿы.  Асас дахьқәа рыгәҭа, афорум аартра лхы алалырхәоит Азиатәи аҿиара абанк авице-ахада Роберта Касали.

«Абырфынтә мҩа афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, жәа-сессиак мҩаҧысуеит, урҭ рҿы ахәаахәҭра иадҳәалоу зҵакы дуу азҵаарақәеи, аелектронтә коммерциа аҿиареи, атранспорт-логистикатә инфраструктуреи, афинанстә технологиақәеи, атуризми, аенергетика аусхкы аҿы аусеицура алшареи, аинвестициатә потенциали ирылацәажәоит.  Ҧшьынтәны Қырҭтәыла имҩаҧысуа афорум ишьаҭакын Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ила,  2015 шықәсазы», — иануп Аекономика аминистрра аинформациаҿы.