Робин Данниган – Сара Қырҭтәыла аҧыза-министри аиҳабыреи зҵакы дуу «Абырфынтә мҩа афорум» амҩаҧгаразы иҳараку ахәшьара рысҭоит
Робин Данниган – Сара Қырҭтәыла аҧыза-министри аиҳабыреи зҵакы дуу «Абырфынтә мҩа афорум» амҩаҧгаразы иҳараку ахәшьара рысҭоит

«Аҧыза-министр еиҿикааз афорум гәахәарала схы аласырхәоит, америкатә аган ари афорумаҿ ахаҭарнакра ду рымоуп, америкатә аилахәырақәеи Жәларбжьаратәи аҿиара агентреи рхаҭарнакцәа абра иҟоуп. Агазмҩангага Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан иазку аиқәшаҳаҭра анагӡара ацхрааразы адипломат лаҳасабала  Қырҭтәыла аус анацызуаз  сқәыҧшын», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Робин Данниган.

Ацҳаражәҳәаҩ ишылҳәаз ала,  «Абырфынтә мҩа афорум» аҵакы ду амоуп  абри амаршрут аҿиара амзызла  «Абжьаратә корридор» иалахәы атәылақәа рҿы хазхаҭалатәи аҳәынҭқарратәи асекторқәа русеицуразы.

«Абрахь ахынҳәреи  «Абжьаратә корридор» аҿиара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу ақәҿиарақәа рбареи даараӡа ибзиоуп, автомобилтә мҩақәеи, аихамҩақәеи, абаҕәазақәеи рхырхарҭала иҟаҵоу рацәоуп. Америкатә аилахәырақәа абра иҟоуп абри аҿиара алахәызаареи ацхраареи азыҳәан, избанзар, ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит  «Абжьаратә корридор» изыҧсоу, Қырҭтәыла уи аҿы рольс инанагӡо.

Ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала, сара «Абжьаратә корридор» ҕәҕәала садгылоит.  Сгәы ишаанаго ала,  «Абырфынтә мҩа афорум» аҵакы ду амоуп  абри амаршрут аҿиара амзызла  «Абжьаратә корридор» иалахәы атәылақәа рҿы хазхаҭалатәи аҳәынҭқарратәи асекторқәа русеицуразы.   Қырҭтәыла аҧыза-министри аиҳабыреи зҵакы дуу «Абырфынтә мҩа афорум» амҩаҧгаразы иҳараку ахәшьара рысҭоит», — илҳәеит  Робин Данниган.