Абизнес азы ишьақәдыргыло ашәахтә зинҷыдақәа  - афинансқәа рминистр иҟаиҵаз аилыркаарақәа
Абизнес азы ишьақәдыргыло ашәахтә зинҷыдақәа  - афинансқәа рминистр иҟаиҵаз аилыркаарақәа

 

Акоординациатә хеилак аилатәара ашьҭахь афинансқәа рминистр Иване Маҷавариани  Қырҭтәыла аиҳабыра абизнес иадаргало ашәахтә азинҷыдақәа дрылацәажәеит.

Аминистр иҳәамҭала, апралемнт аҿы ирыдыркылаз аҧсахрақәа рыбзоурала, абизнес ашәхтә азинҷыдақәа аиуеит.

«Раҧхьа иргыланы, 2020 шықәса ҧхынҷкәын 1 инаркны фымз рыҩнуҵҟа аусураҭаҩцәа,   1500 лари еиҳамкәа аулафахәы змоу русзуҩцәа 750 ларинӡа рулафахәы азы   ахашәала азы ашәахтә ашәара рықәшәом.  Ас еиҧш иҟоу  550 нызқьҩык аусзуҩцәа ҳамоуп 42 нызқь аилахәырақәа рҿы.

Даҽа зинҷыдак сазааҭгылар сҭахуп, —  анеҩстәи фымз рыҩнуҵҟала қьырала амал агаразы ашәахтә ашәара ахырҧара ҟалоит. Абри азинҷыда фымз ала ишьақәҳаргыларц ҳаӡбеит», — иҳәеит Иване Маҷавариани.