Абизнес-ассоциациақәа рхаҭарнакцәа Аҧыза-министр иахь - "Асасдкыларатә сектор ихыбгалеит"
Абизнес-ассоциациақәа рхаҭарнакцәа Аҧыза-министр иахь - "Асасдкыларатә сектор ихыбгалеит"

Абизнес-ассоциациақәа рхаҭарнакцәа аҧкрақәа раҧыхразы ааҧхьара ҟарҵеит. 12 ассоциациақәа аконкреттә аҳәарақәа  иқәдыргылеит.

Абизнес-ассоциациақәа ҵхыбжьон аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра аҧыхреи, атәылаҿы атуристтә сезон азы активла аҽазыҟаҵара алагареи, аҧсшьарамшақәа рзы аресторанқәа раартреи, авакцинациа апроцесс арласреи,  абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рзы ашәахтәқәа реиҵатәреи, атәылаҿы анегативтә информациа аларҵәара аҟәыҵреи иаҳәоит.

Ассоциациақәа рхаҭарнакцәа Аҧыза-министр иахь ааҧхьара ҟарҵан, ишырҳәаз ала, антикризистә план аиқәыршәара апроцесс рхы аладырхәырц ихиоуп.

Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит: Қырҭтәыла аресторанқәа рассоциациеи, Қырҭтәыла агастрономиатә ассоциациеи, Қырҭтәыла аритеилерцәа рассоциациеи, Қырҭтәыла адистрибиуторцәа рассоциациеи, убас егьырҭгьы.