Қырҭтәылa aепидемиологиaтә ҭaгылaзaaшьa иaзҧхьaгәaҭaны, Аҧызa-министр aнaпхгaрa ззиуa Аусбaрҭaбжьaрaтә координaциaтә хеилaк aтәылaҿы aҧкрaқәa рырџьбaреи рырҭбaaреи aзы aӡбaрa aднaкылеит.
Аусбaрҭaбжьaрaтә координaциaтә хеилaк aҭбaрa aлa:
Абҵaрa 28 инaркны aжьырныҳәa 31-нӡa:
Атәылa зехьынџьaрa иқәиҭымуп:
- асааҭ 21:00 инаркны 05:00-нӡа, шьапылагьы атранспорт алагьы аиҭаҵреи ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы аҟазаареи ҟалом; Ашықәс Ҿыц аухаз — ҧхынҷкәын 31-еи Қьырса аухаз — ажьырныҳәа 6еи ада;
- Еиҧҟьарадагьы ақалақьбжьаратә пассаџьыртә мҩангара, аиҳамҩалагьы. Амашьына ласқәеи атаксиқәеи ари аҧкра рыдкьыслом;
- Аресторанқәеи акрыфаратә обиектқәеи анагаратә сервис ахь иасуеит. Дара азин рымоуп:
- Афатәаалыҵ анагара takeaway.
- «Деливер».
- «Драив».
- афитнес-залқәеи абассеинқәеи русура;
- аконференциақәеи, атренингқәеи, акультуратәи агәырҿыхаратәи уснагӡатәқәеи рымҩаҧгара ҟалоит онлаин формат мацарала.
- аспорттәи, асахьаҭыхратәи, акультуратәи агәыҧқәа/студиақәа русура.
Ақалақь дуқәа рҿы — Қарҭи, баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории, Ҧуҭии, Жәыргьыҭи, Ҭелавии, иара убас ашьхашәаҩатә курортқәа рҿы — Бакуриании, Гудаурии, Годерӡии, Местиеи абарҭ аҧкрақәа амч рымазаауеит:
- Қарҭи, Ҭелавии, Баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории, Ҧуҭи, Жәыргьыҭи амуниципалтә транспорт аусура;
- ахәаахәҭратә обиектқәа (афатәаалыҵтәи аҟашәатәи адәқьанқәеи, аҧтекақәеи, аветеринартә аҧтекақәеи, абзазаратә химиеи агигиенеи адәқьанқәеи,) аус руеит анахаралатә режим мацарала;
- Иаарту иара убас, иарку аџьармыкьақәа аус руам. Ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа аусура нарыгӡоит;
- ашколәқеи, азанааҭтә ҵараиурҭақәеи, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи (амедицинатә аҵара апрограммақәа рыда) анахаралатә усуратә режим ашҟа ииагоуп;
- аҳәынҭқарратәгьы хазхаҭалатәгьы ахәыҷбаҳчақәа аусура иаҟәыҵуеит.