Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра абҵара 8-10 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, абҵара 11-нӡа Қырҭтәыла ҧхаррахоит, алышәшәақәа леиуам.
„Атәылаҿ ҧхаррахоит, алышшәақәа леиуам. Аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +21, +23 градус аҟынӡа.
Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) ҧхаррахоит. Шьыбжьон +21, +23 градус ҟалоит.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла шьыбжьон +23, +25 градус ҟалоит.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхатә регионқәа рҿы (Местиа, Бахмаро) алышәшәақәа леиуам. Шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +19, +21 градус аҟынӡа.
Қарҭли арегионаҿ (Русҭави, Болниси, Марнеули, Гардабани, Гори, Цхинвали) +21, +23 градус ҧхаррахоит.
Кахеҭи – аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +22, +24 градус аҟынӡа.
Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхатә регионқәа рҿы (Ахалқалақьи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало) амш бзиахоит, шьыбжьон +13, +18 градус ҟалоит“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.