Аԥыза-министри, апарламент ахантәаҩи атәылахьчара аминистри иҭахаз аԥырҩы иҭаацәара ирыдшшылеит
Аԥыза-министрИракли Кобахтӡе арратә зыҟаҵарақәа раан иҟалаз амашәыр аҿы иҭахаз аԥырҩы иҭаацәара дрыдашшылеит.
Гори аԥыза-министр ицын апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании.
Рашәара 2 рзы аплан иалаз арратә зыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Атәылахьчара аминистрра иатәыз ҳаирпланк каҳаит. Амашәыр аан дҭахеит Су-25 аԥырҩы Кахабер Зурабашвили.
Иҟалаз афакт иадҳәаланы аусеилыргаратәи апроцесстәи усмҩаҧгатәқәа нагӡоит.