Аԥыза-министр инапхгарала Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥган
Аԥыза-министр инапхгарала Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥган

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥган.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиилатәараҿы арегионалтәи аглобалтәи шәарҭадара атенденциақәеи, Украина ицо аибашьреи, Қырҭәтыла аҿаҧхьа иқәгылоу ааԥхьарақәеи ирылацәажәеит.

Ахшыҩзышьҭа ҷыда аҭан импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа. Иара убас “2023-2027 шш. рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа акомплекстә анапхгараҭаразы астратегиа” аҵыхәҭәантәи авариан иахцәажәан, уи ашьақәырӷәӷәаразы аӡбара рыдыркылеит.  Хшыҩзышьҭра ҷыда азун акритикатә инфраструктура аобиектқәа рыхьчаразы ареформа амҩаԥгареи акибершәарҭадаразы Амилаҭтә форум амҩаԥгареи рызҵаарақәа.

Аҧыза-министр инапхгарала имҩаҧгаз амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аилатәара рхы аладырхәит: ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии ахеилак еснагьтәи алахәылацәеи: Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе,  афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили, Аҳәынҭарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Григол Лилуашвили, Аҧшыхәаратә маҵзура аиҳабы Шьалуа Ломиӡе, Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза Гьаргь Матиашвили.